АҞӘА, хәажәкыра 16 - Sputnik. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк атәанчахәы ашаразы хәажәкырамза 2022 шықәсазтәи аихшанҵа шьақәнаргылеит.
1940 шықәсанӡа ииз ҳтәылауаа атәанчахәы роуеит хәажәкыра 17-18 рзы.
1941 - 1947 шықәсқәа рзы ииз атәанчахәы роуеит хәажәкыра 21-22 рзы.
1947 - 1950 шықәсқәа рзы ииз атәанчахәы роуеит хәажәкыра 23, 24, 25 рзы.
1951 - 1953 шықәсқәа рзы ииз атәанчахәы роуеит хәажәкыра 28, 29 рзы.
1954 - 1956 шықәсқәа рзы ииз атәанчахәы роуеит хәажәкыра 30, 31 рзы, иара убас 1957 шықәса рзы ииз атәанчахәы рыҭахоит мшаԥымза 4 азы.
Нанҳәа 2020 шықәса раахыс аԥсны атәылауаа атәанчахәы рԥаратә хсаалақәа рахь акәымкәа абанкқәа ркассақәа рҟынтәи ауп атәанчахәы шрырҭо.
Жәабран 8 инаркны аԥсуа тәанчахәы зауа атәанчаҩцәа рԥаратә хсаалақәа рҟынтәи абанкоматқәа рҿы аԥара амырхыр ҟалоит.