Мурашко "стелс-омикрон" ашәарҭара далацәажәеит

Адунеи аҿы акоронавирустә инфекциа ачымазара шышьақәтәазгьы тәылақәак рҿы "стелс-омикрон" ацәырҵра аҿыц чымазарақәа цәырнагеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. "Cтелс-омикрон", акоронавирус аштамм ҿыц акыр ирццакны иалаҵәо штаммуп ҳәа иҳәеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко.

"Омикрон" ахкқәа иреиуоу BA.2 хара имгакәа аԥыжәара зауа штаммхар алшоит", - ҳәа аҩуеит РИА Новости Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иажәақәа ааго.

Мурашко ишиҳәо ала аштамм амониторинг иаанарԥшит "омикрон" агенетикатә цәаҳәақәа шыҟоу. Аԥхьанатә аԥыжәара аман BA.1, аха нас уи ахкы BA.2, "стелс" ҳәа хьӡыс изырҭаз, еиҳагьы иццаку аштамм ала иԥсаххеит.
Аминистр иҳәеит аҵыхәтәантәи аамҭазы Германиеи Китаии "стелс-омикрон" аҽышцәырнагаз.
Арадио
Воуԥҳа аҿкчымазаразы Аҟәа аҭагылазаашьа: аҽеиқәнакит ҳҳәар ауеит
Урыстәыла COVID-19 акыр иԥсыҽхеит. 700 нызқьҩык аҳақьымцәа рхылаԥшуеит, 38 000-ҩык ахәшәтәырҭақәа ирҭоуп.