Тҟәарчал араиони ақалақьи рҿы аихшанҵа ҿыц ыҟоуп, уахыки-ҽнаки иалагӡаны х-сааҭк алашара дырцәоит ҳәа еиҭеиҳәеит Харчлаа.
"Ҽынла сааҭк иҟаӡам алашара, уахынла ҩ-сааҭк. Иҟалоит аиԥҟьарақәа ақәыӷәӷәарақәа ирыхҟьаны. Урҭ рырмаҷразы афымца амчхара цәаҳәак аҟынтә даҽа цәаҳәакахь аиагара ҳаҿуп. Уи иахҟьаны ҭыԥқәак рҿы уаҵәы сааҭқәак ауааԥсыра лашарада иаанхоит. Ацәаҳәақәа ахьыҿблаауа ыҟоуп, урҭ анкаҳалак ашьҭыхра сааҭк аҟара ҳадхалоит", - ҳәа иҳәеит Харчлаа.
"Амшынеиқәафымцамч" Тҟәарчалтәи аҟәша аиҳабы иҳәеит, араион аҿы ашықәс алагамҭазы аԥара еизгаразы аҭагылазаашьа шҽеим, 10% роуп изшәахьу ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.