Зеленски Украина НАТО ишзаламло атәы иҳәеит

Урыстәыла аоперациа ҷыда анымҩаԥнаго аамҭазы Зеленски аҽазныкгьы НАТО ахь аҳәара ҟаиҵеит Украина ажәҩан аҿы аԥыррақәа ныркыларц, иазгәеиҭеит Киев уи иахҟьар алшо аҭагылазаашьақәа шеилнакаауа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 16– Sputnik. Иааит аамҭа Украина НАТО ишалахәымхо аилкааразы ҳәа иҳәеит Владимир Зеленски Еиду аекспедициатә мчрақәа (Joint Expeditionary Force, JEF) ирылахәу атәылақәа рхадацәа рҿаԥхьа дықәгыло. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Еилкаауп Украина НАТО ишалахәылам. Уи ҳара еилаҳкаауеит. Шықәсыла иҳаҳауан уахь ашәқәа шаарту, аха уажәы ҳара уахь ҳашзыҩнымло ҳарҳәоит. Уи ус шакәу еилкаатәуп", - ҳәа иҳәеит Зеленски.

Иара иазгәеиҭеит Украина НАТО азы аиқәшаҳаҭра ахәбатәи ахәҭаҷ аус арура аӡбахә шимҳәо.
Украина Иреиҳаӡоу Арада 2014 шықәсазы аҳәынҭқарра аблокнҭыҵтә статус мап ацәкуа ҩ-закәанк аԥсахрақәа рыланагалеит. Ԥшьышықәса раԥхьа Апарламент аконституциа аԥсахрақәа аланагалеит – Украина ЕАи НАТОи рылаларахь ахы шхо азгәаҭо. Украина инарҭбаау алшарақәа змоу НАТО апартниор истатус амоуп.