АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырра ҟанаҵеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ҩ-тәылауаҩрак аиуразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ишаздырхио.
"Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аиқәшаҳаҭра анапы аҵанаҩуеит, Урыстәылатәи Афедерациа ақәшаҳаҭра ашьҭахь", - ҳәа аҳәоит адырраҿы.
Аԥсны ААР аҿы иазгәарҭоит ирмариоу атәылауаҩра аиура ганктәны ишыҟоу. Урыстәыла атәылауаа Аԥсны атәылауаҩра ирмарианы ироуам. Аиқәшаҳаҭра Аԥснытәи атәылауаҩра зеиԥш ҟазшьалагь мариалатә ҟазшьалагь аиура аԥҟара аԥсахуам.
Аҩ-ҳәынҭқаррак ртәылауаҩра змоу ахаҿқәа иааиԥмырҟьаӡакәа иахьынхо аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны асоциалтәи, амедицинатәи маҵзура, аҵарадырра роур рылшоит.
Арра зхызгар зыхәҭоу, ҩ-тәылауаҩрак змоу ахаҿқәа аррамаҵзура иахысроуп иааиԥмырҟьаӡакәа иахьынхо атәылаҿы. Атәылауаҩ аррамаҵзура дахысхьазар, егьи атәылаҿы аррамаҵзура иахысра ахәҭам.
Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп: аҩ-ҳәынҭқаррак ртәылауаҩра, атәылақәа руак адипломатиатә еизыҟазаашьа ззамоу атәылаҿы инеираан азин имоуп уи аҳәынҭқарра адипломатиатәии аконсултәии усҳәарҭақәа ирырҭо ахьчара иоурц.
Урыстәыла 2008 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь ҩ-тәылауаҩрак амазааразы аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра аҟамзаара иааннакылеит Аԥсны атәылауаа ирмариоу аформала Урыстәыла атәылауаҩра ироуаз апроцесс. Арҭ рҩызцәа аиқәшаҳаҭрақәа Урыстәылеи Таџьикистани Урыстәылеи Туркменистани роуп изыбжьоу.