Аԥарашәаратә система "Мир" амаҵзурақәа рсиа арҭбаауеит

Урыстәылатәи абанкқәа иҭрыжьыз абанктә хсаалагақәа Visa, Mastercard, аҳәаанырцә ахархәара ахьаанкылоуи ахатәхаҿқәа авалиута аахәара ахьрылымшои урыстәылаа аҳәаанырцә рыԥсшьара аруадаҩуеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik. Аԥарашәаратә система "Мир" аус ахьауа аџьармыкьақәа рҿы аҽазышәарақәа мҩаԥнагоит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атуроператорцәа р-Ассоциациа(АТОР) аԥарашәаратә система ацифратәи атехнологиатәи маҵзурақәа рыҿиараз адиректор Мариа Точилова лажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Аехнологиатә хырхарҭала аԥарахсаалага "Мир" зҭаху атәылақәа зегьы рҟны аусура ҳазыхиоуп", - ҳәа лҳәеит Точилова иагьазгәалҭеит иара уажәы иахьыҟоу атәылақәа рҿы амаҵзурақәа шарҭбаауа.

Аԥсны ахсаалага "Мир" амаҵ руеит аԥарашәаратә система "АԤРА" иалахәу абанкқәа. Уи азы асасцәа уадаҩрак роуам раахәамҭақәа рыхә ашәарази анаӡын ԥара аиурази.
Аԥсны адагьы аԥарахсаалага "Мир" иара убас ахархәара амоуп Ҭырқәтәыла, Ветнам, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Киргизиа, Таџьикисҭан, Узбекисҭан, Алада Уаԥстәыла. Амилаҭтә система АԤРА асистема "Мир" адҳәаларала арҭ атәылақәа рҿы аԥснытәи абанкқәа рыхсаалагақәа аус рулоит.
Урыстәыла Абанк аҟны ирҳәеит ахсаалага "Мир" здызкыло атәылақәа рыбжьара Аԥснгьы шыҟоу
Visa, Mastercard, Урыстәыла русура ԥкуп хәажәкыра 10 аахыс, абанктә хсаалагақәа аҳәаанырцә интернет-саитқәа, амаҵзурақәа рзы ахәшәарақәа рзымҩаԥгом.