Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Косачев: Урыстәыла имҩаԥнаго арратә операциа Адунеизегьтәи ахԥатәи аибашьра еиԥнарҟьеит

Урыстәыла ахада Владимир Путин иазгәеиҭеит, Украина арартә операциа ззымҩаԥысуа аашықәса киевтәи арежим агәаҟра иҭанаргылаз Донбасс ауааԥсыра рыхьчараз ауп ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik. Афедерациатә Хеилак аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Константин Косачев Урыстәыла арратә операциа Адунеизегьтәи ахԥатәи аибашьра еиԥнарҟьеит ҳәа иҳәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости асенатор Афедерациатә Хеилак аҿы иҟоу азакәанԥҵаҩцәа ҿарацәа Рпалатаҿы иқәгылара шьаҭас иганы.

"Урыстәылеи Америкеи Урыстәылеи НАТОи рыбжьара хымԥада аибашьра ахы акыр алшон аоперациа ҷыда акәымзар. Анцәа иџьшьоуп ари аоперациа ашьҭахь аҭынчра ахьышьақәгыло", - иҳәеит Косачев.

Асенатор иара убасгьы иазгәеиҭеит, аоперациа ҷыда ашьҭахь аӡәгьы ихахьы ишымнеиуа Урыстәыла аинтересқәа хырҩа рыҭара.
Уаанӡа Владимир Путин иҳәахьан Украина арратә операциа ҷыда алагара хыхьчагас иҟаз мҩа заҵәын ҳәа. Иара убасгьы иазгәеиҭеит, Украина ахимиатә бџьар аиурала ахатә иадертә бџьар аиура шалшоз.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин аоперациа ҷыда Урыстәыла ахыхьчаразы иакзаҵәыкны иҟоуп иҳәеит