Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Аоперациа ҷыда иаалагазар, Урыстәыла Арбџьармчқәа 1400 танк ҭадырхахьеит

Украина аҵакыраҿы аоперациа ҷыда иаалагазар, урыстәылатәи ар аибашьыга техника, аџьаԥҳани абџьари рышьҭаҵарҭақәа, адҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа, аибашьраҿ ахархәара зырҭо егьырҭ ахыбрақәа ҭадырхоит.
Sputnik
АҞА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа 1393 танки акәылӡтәы машьынақәеи ҭадырхахьеит Украина аоперациа ҷыда иаалагазар ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иганы.
"Арратә операциа ҷыда ҳаалагазар, иҭархоуп: украинатәи аҳаирпланқәеи авертолиотқәеи 182, аԥырҩы дызҭам аппаратқәа 177, атанкқәеи акәылӡтәы машьынақәеи 1393, ареактивтә системақәа 134, артиллериашьақәгылеи аминаршәгақәеи 523, 1182 ак арратә автомашьынатә техника", - иҳеит Конашенков.
Иара убасгьы иҳәеит, уахыки-ҽнаки рыла ишкажьыз: аԥрыгатә аппаратқәа 14 – авертолиотқәа ҩбеи 12 дрони, арахь иахыԥхьаӡалоуп "Байрактар ТБ-2" ҩба.
Уаанӡа аминистрра адырра ҟанаҵахьан Ровентәи аобласт аҿы аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа ԥжәоуп ҳәа. Уа иҵәахын акомплекс "Точка-У" азы аракетақәагьы. Ари абџьархкы ала мышқәак раԥхьа Донецк ақалақь иалахысит, иҭахеит 20-ҩык аҭынч уааԥсыра.