Аԥсны

Аԥсны АҶА ДЖәР ахь 20 тонна агуманитартә цхыраара рышьҭуеит

Хәажәкыра 10 рҟынӡа 25 тонна агуманитартә цхыраара Лугансктәи Жәлар Рреспубликахь инанагеит Аԥсны АҶА.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Хәажәкыра 18 рзы Аԥсны АҶА 20 тонна агуманитартә цхыраара Донецктәи Жәлар Рреспубликахь инанагоит Аԥсны АҶА ҳәа иҳәеит аусбарҭа ахада Лев Кәыҵниа.

"Аидара аиҿкаара иахьа ихҳаркәшеит. Асааҭ хәба шыҟоу амҩа ҳақәлоит. Ацхыраара ҩымш-хымш рыҩнуҵҟа еизган. Ара иҟоуп зыда ԥсыхәа ыҟам атауарқәа, афымцамчгенераторқәа. Сгәыӷуеит, уаҵәы-уаҵәашьҭахь Донецк ҳҟалап ҳәа", – иҳәеит Кәыҵниа.

Хәажәкыра 12 рзы 25 тонна агуманитартә цхыраара Лугансктәи Жәлар Рреспубликахь инаган.
Хә-еидарамҩангагак рызна зыда ԥсыхәа ыҟам атауарқәа, ахәмаргақәа, аԥаҭлыка иҭоу аӡы, ацитрусқәа ЛЖәР ахь инашьҭын.
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Кәыҵниа Донбасс азы агуманитартә цхыраара амҩангара иазкны
Украина ДЖәР-и ЛЖәР-и ирылахысуа ианалага аҭынч уааԥсыра ықәҵуа иалагеит.
118-ҩык ахҵәацәа Донбасс иахыҵыз, Аҟәа, асасааирҭа "Аиҭар" иҩноуп.
Хәажәкыра 18 рзы урҭ рҟынтәи 37-ҩык Луганскҟа ихынҳәит.
Аԥсны
Ахҵәацәа рыхәҭак Аҟәантәи Луганскҟа ицеит