Хәажәкыра 18 рзы Ҟрым Урыстәыла иадлеижьҭеи аашықәса аҵра азгәарҭоит. Адгьылбжьаха аҵакыраҿы афедерациа ҩ-субиектк шьақәгылеит - Ҟрым Ареспубликеи афедеративтә ҵакы змоу ақалақь Севастополи.
Асовет еидгала ахыбгалара иаҵшәахаз убысҟак ирацәахеит, иахьагьы анырра ҳанаҭоит, хаԥхьаҟагьы ус иҟалалоит ҳәа азгәеиҭеит аицәажәараан Беслан Ҳагба.
"Асовет еидгыла ахыбгалара анцоз ирҳәон, уи ҭынч имҩаԥысыр, ареспубликақәа аҿиара иалагоит ҳәа, аха ргәы иажьон ирацәаҩны аполитикцәа. Асовет еидгыла анхыбгала, Ҟрым азҵаара лассы-лассы иалацәажәо иалагеит, избанзар уа иҟан Севастополь, Амшын еиқәа афлот. 2014 шықәса рзы Украина имҩаԥысуаз ахҭысқәа инарымаданы Владимир Путин имҩаԥигаз ииашан ҳәа исыԥхьаӡоит. Усҟан иҟаз ахҭысқәа ирхылҿиааит даҽа хҭысқәагьы - Донбасстәи ахҭысқәа. Усҟан донбасаа ирҳәон, Ҟрым Урыстәыла иадлеит, аха ҳара ҳзыхҟьеи ҳәа. Аибашьра дара арыцҳара ду иҭанаргылеит. Убасҟан Донбасс Урыстәыла адларазы даҽа шьаҿақәак мҩаԥнагазҭгьы, иахьа ас еиԥш аҭагылазаашьа ҟамларгьы ҟаларын. Донбасс иқәынхо иаҳа рхы хан Урыстәылаҟа", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.
Ҳагба игәалаиршәеит, Асовет еидгыла ахыбгалара ашьҭахь зегь реиҳа иқәҿианы ишьақәгылоу арбану ҳәа ианцәажәоз, Украиноуп ҳәа азгәаҳҭон, избанзар уи зегь реиҳа еиқәшәан ахырхарҭақәа зегь рыла, аха политикла ирықәымҿиаӡеит. Аԥсны инадкыланы ҳалацәжәозаргьы, даара акраҵанакуеит аҭакԥхықәра змоу аполитикәа рцәырҵра ианакәзаалакгьы ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.