Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Кәыҵниа Донбасс азы агуманитартә цхыраара амҩангара иазкны

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра Лугансктәи Жәлар Рреспубликахь агуманитартә цхыраара нанагеит. АҶ рминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит уаҟа ацхыраара шрыдыркылаз, еиҭа еизырго аидара андәықәҵахо.
Sputnik
Лугансктәи Жәлар Рреспубликахь агуманитартә цхыраагӡа еизыргон Аԥсны ауааԥсыра реиԥш Москватәи аԥсуа диаспорагьы, атәыла аиҳабырагьы.
АҶ рминистр Лев Кәыҵниа аиҿцәажәраан иҳәеит иахьа ахәылԥаз еиҭа амҩа ишықәло амашьынақәа аидара рыманы.
"Уажәы иаҳа ҳҽеиҿкааны ацхыраара еиқәҳаршәеит. Иаҭахыз ҳәа адырра ҟаҵаны еизган афатә, иаҳа ирҭахыз ҳәа иалыркааит агенераторқәа, урҭ 12 цыра ҟаҳҵеит. Аҩнқәа рҿы аӡы ыҟам, афымцалашара. Иаҭаху зегьы ажәлар рыцхыраарала иузеиқәыршәаӡом, аҳәынҭқаррагьы ахахьы иагеит", - еиҭеиҳәеит Кәыҵниа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.