Арадио

Ҵәыџьба инапы ианырҵаз аус ҿыц азы: исылшоит ҳәа сыԥхьаӡоит

Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Абзагә Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит иду аус ҿыц аҟны гәҭакқәас имоу ртәы.
Sputnik
2020 шықәсазы аиндаҭлара "Аԥсны агәадура" аҟны иаиааиз ахәҩык ируаӡәку Абзагә Ҵәыџьба Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩыс дҟаҵоуп. Иахьазы Абзагә Ҵәыџьба аҵара иҵоит Жәлар рынхамҩеи аҳәынҭмаҵзуреи рзы Урыстәылатәи Академиа аспирантураҿ. Инапы ианырҵаз аус ҿыц аҟны гәҭакқәас имоу еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Абзагә Ҵәыџьба иазгәеиҭеит аԥхьа ианидыргала анапынҵа ҿыц ԥыҭрааамҭак дшазхәыцуаз, избанзар аҭакԥхықәра иацу еиликаауеит. Иара иҳәеит Москва аашықәса шҵуа аҵара иҵоижьҭеи, аԥхьатәи изанааҭ ажурналистика ишадҳәалоу, убри аҟынтәи идырҵаз аус имч ақәхоит ҳәа шиԥхьаӡо.
Аицәажәара инарҭбааны хыхь иҟоу аудиофаил аҟны.