Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украина ДЖәР ашахтақәа ҩба иахьреихсыз азы 150-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра адгьыл аҵаҟа иаанхеит

Украина ДЖәР ашахтақәа ҩба иахьрылахысыз азы урҭ фымцалашарада иаанрыжьит, ахысрақәа ирылагеит ахәаша.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. 150-ҩык рҟынӡа ашахтиорцәа адгьыл аҵаҟа иаанхеит лашара рымамкәа Челиускинраа рыхьӡ зху ашахтеи Скочински ихьӡ зху ашахтеи украинатәи аруаа анрылахыс ашьҭахь, абри атәы аанацҳауеит ареспублика арацәеи афымцамчи рзы аминистрра.
"Хәажәкыра 19 рзы Украина аруаа асааҭ 12:40 рзы Челиускинраа рыхьӡ зху ашахта лашарада иаанхеит, иара убас Скочинтәи ашахтагьы 2-тәи мраҭашәаратәи аган ааха аиуит", - ҳәа рҳәеит аминистрра.
Аминистрра адыррақәа рыла, Челиускинраа ршахта иаҵаханы иҟоу 47-ҩык, Скочинтәи ашахта - 85-ҩык.
Анаҩс еилкаахеит даҽа 18-ҩык ашахтиорцәа иҵегьы ишаҵахаз.