Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Украина аракетақәа адгьылаҵатәи рышьҭаҵарҭа ԥыржәеит

Арратә шьҭаҵарҭа Украина Иван-Франктәи аобласт аҿы иҟан.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа Украина аракетақәа адгьылаҵатәи рышьҭаҵарҭа ԥыржәеит аоперациа ҷыда аҳәаақәа ирҭагӡаны, раԥхьаӡа акәны ахархәара рыҭан агипербжьытә ракетақәа "Кинжал", абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иганы.
"Хәажәкыра 18 рзы авиациатә ракетатә комплекс "Кинжал" агипербжьытә аҳаирбаллистикатә ракетақәа рыманы иԥыржәеит Украина аракетақәеи авиациатә џьаԥҳани адгьылаҵатәи рышьҭаҵарҭа ду Иван-Франктәи аобласт аиланхарҭа Делиатин аҿы", - иҳәеит иара.
Уи адагьы, аԥшаҳәатә ракетатә комплекс "Бастион" ахархәарала иқәхын арадио-, арадиотехникатә ԥшыхәра ацентрқәа Велики Дальники Великодолински ақалақьқәа рҿы (Одессатәи аобласт). Иара убас иҳаҩсыз аҵх иалагӡаны Украина арратә обиектқәа 69 иреихсын, урҭ рыбжьара адҵаҟаҵаратә пунктқәа ԥшьба, С-300-қәа хԥа, "Бук-М1"-қәа акы, арратә техника еизганы иахьгылаз аҭыԥқәа 43.
Зынӡа Украина абџьарахыхразы аоперацциа ҷыда иалагеижьҭеи Урыстәыла Арбџьармчқәа иқәырххьеит аԥырҩы дызҭам аԥрыгатә аппаратқәа196 (12 цыра иҳаҩсыз аҵх иалагӡаны), атанкқәеи егьырҭ арратә кәылӡтәы машьынақәеи 1438, адәынтәи артиллериеи аминаршәгақәеи 556, иара убас иҷыдоу арратә автомобилтә техника 1237 ак.