АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. Москвеи Киеви излауала иазааит Украина анеитралтә статус аиурази НАТО алаларазы мап ацәкреи азҵаарақәа рҟны, абри атәы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит урыстәылатәи аделегациа анапхгаҩы Владимир Медински. Абри атәы аҩуеит РИА Новости.
"Украина анеитралтә статуси НАТО аламлареи атема аиҿцәажәарақәа ирызҵаара хаданы иқәгылоуп, уи аӡбаразы аганқәа излауала аилибкаарахь икылсит", - иҳәеит иара.
Медински иажәақәа рыла, ари азҵаараҟны иҵегьы ҷыдала иӡбатәу ашьаҿақәа ыҟоуп.
"Украина НАТО алалара мап ацәнакуазар, ашәарҭадаразы хәдықәҵарақәас иҵегь иаҭаххо атәы шьақәыргылатәуп", - иҳәеит Медински.
Иара излеиҳәаз ала, аганқәа Украина абџьарахыхра азҵаараҟны "мҩабжара" инеихьеит.
"Украина абџьарахыхра азҵаараҟны "мҩабжара" ҳнеихьеит. Аха зегьы аартны исзыҳәом", - ҳәа азгәеиҭеит Медински.
Аиҿцәажәарақәа рҿы даҽа зҵаара хадас иҟоу - Донецки Лугански Жәлра Рреспубликақәа рлахьынҵоуп. Иара иажәақәа рыла, Москва ари азҵааразы агәаанагара аҳәахьеит, уи иацәхьаҵраны иҟаӡам.
Медински иазгәеиҭеит макьана ишзаау Урыстәылеи Зеленскии реиԥылара атәы аҳәара.
"Ари азҵаара ахцәажәара сазхиаӡам. Ахадацәа реиԥылара атәы уҳәаанӡа аиҿцәажәарақәа ирылахәу аделегациақәа аиқәшаҳаҭра атекст еицазааироуп, анаҩс Адәныҟатәи аминистррақәа рнапхгаҩцәа рнапы аҵарҩыроуп, убри ашьҭахь ауп аҩҳәынҭқаррак рхадацәа реиԥылара уалацәажәар аныҟало", - иҳәеит иара.