Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

АИХқәа: Америка Ҭырқәтәыла иаднагалоит урыстәылатәи акомплекс-С400 Украина ианаҭарц

Вашингтон аофициалла иаҳәахьан Украина ицо ахҭысқәа ахы шаланамырхәуа азы, аха убри аан НАТО иалоу атәылақәа рҽызҵәылхны Украинаҟа абџьар нарышьҭуеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik. Еиду Америкатәи аштатқәа Ҭырқәтәыла иаднагалоит урыстәылатәи асистема ПВО С-400 украинатәи ар ирырҭарц, аха ари Анкара мап ацәнакыр ҟалап ҳәа аанацҳауеит Реитер аинформациатә хыҵхырҭақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Урыстәыла Украина адемилитаризациа амҩаԥгаразы арратә аоперациа чыда ианалага ашьҭахь, Америка адгылаҩцәа ирыҳәо иалагеит аракета-зениттә комплекс урыстәыла ма асовет еидгыла иҭнажьыз измоу украинатәи ар ирырҭарц ҳәа аҩуеит амаҵзура.
"Америкатәи ачынуаа иафициалымкәа мызкы аахыс ҭырқәтәылатәи рколлегацәа реинырраҿы рхықәкы рарҳәоит, аха ҷыдала уи азын ажәанҵа ҟаҵамызт", - ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҿы.
Америкеи ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьақәа еицәахеит Анкара урыстәылатәи асистема ПВО С-400 анаанахәа нахыс. ЕАА Ҭырқәтәыла аполитикатә қәыӷәӷәара азнауан, асанкциақәагь аланагалеит.
Ааигәа Словакиа аҳәамҭа ҟанаҵеит Украина ишанаҭуа акомплекс С-300, Америкаа уи иашьашәалоу рырҭуазар. Уи аҩыза асистема Грециагь иамоуп.