Ашәба аиҿцәажәараҿы иҳәеит аинститут аҿар адыԥхьалара азҵаара хшыҩзышьҭра шаиҭо. Аибашьра ашьҭахь аҭҵаара аус аҿы абиԥарақәа реимадара ахьыӡыз иахҟьаны иҟоуп ауадаҩра дуқәа ҳәа азгәеиҭеит.
"Иахьа Быҭәба Витали иеиԥш зеиԥшу жәашықәсалагьы дузааӡазом. Ажәытәтәи аерман бызшәақәа ҵаны, иҭиҵаауан. Уаҟа ишьҭоу аматериал даҽаӡәы дцеит ҳәа изыԥшааӡом, уи иаҳәо издырӡом. Уи хымԥада, хьаа дууны инхеит. Асовет аамҭазы уахьцалакгьы умҩақәа аартын архив аҭҵааразы. Иахьа ус еиԥш унадыххылан иауӡом. Иҟоуп иаартым архивқәа. Ҳара ҳҭоурых иҵауланы иҭуҵаарцаз атәым бызшәақәа удыруазароуп. Иахьа ажәытәтәи ақырҭшәа здыруаз Гьаргь Амҷба ицназго дҳамаӡам. Инахараны уцаны ухьыӡ зҳәо ахыҵхырҭақәа ԥшаатәуп, уи азы абызшәақәа дыртәуп. Аҭоурых архив аҟны ишьҭоу, ажәытә бызшәақәа рыла иҩу шьҭа нбанк узацҵаӡом, иузагырхаӡом. Уи азы аоригинал иахьынӡазауа иԥшаатәуп. Ҭырқтәыла ҳнапы наӡаны Османтәи аамҭа иаҵанакуа аматериалқәагьы ҳамаӡам. Акырӡа иҵаулоуп аҭоурых. Уи ҭҵаатәуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ашәба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.