АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Аԥсуа боксиор Баҭал Чежьиа аҭаџьык спортсмен Махмадражаб Шарипов амҩа ииҭеит Москва имҩаԥысуаз Шамо Боксинг аицлабра аҟны. Аицлабра дырбан ателеканал "Спортивный" ала.
Аспортсменцәа ықәгылеит аҩбатәи ибжьаратәу 76 кьыла зыкапан ыҟоу рыбжьара, аисра цон фраундк хԥа-хԥа минуҭ. Ахәылԥаз аҟны арҭ реисра раԥхьатәиин ф-раундк рҟынӡа инеиз.
Чежьиа аринг ашҟа дцәырҵит, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз аиааира агимн Лиолиа Ҭәанԥҳа лажәеинраалала иҩу "Аиааира" ашәа ала.
Аӡбаҩцәа рыӡбарала аицлабра аҟны аиааира ааникылеит Шарипов. Рыҩџьегь рыкапанқәа шеиҟаразгьы Шарипов аурыла деиҳан.
Баҭал Чежьиа азанааҭзҟазаратә ринг аҟны 15 еисра мҩаԥигахьеит, урҭ рахьынтә жәантә даиааихьеит, хынтә даҵахахьеит, ҩынтә еиҭахарыла ихыркәшахеит. Ажурнал "Про Бокс" аверсиала ИАРи аславиан тәылақәеи дырчемпионуп. Аԥсуа боксиор урыстәылатәи ареитинг аҟны 13-тәи ацәаҳәа ааникылоит, адунеи аҟны - 208-тәи.