Беирут иҟоу ЕАР ахыбра аҿаԥхьа акциа мҩаԥысит Урыстәыла адгыларазы

Акциа алахәылацәа ргәаанагарала Украина имҩаԥысуа аиҿагылара зхароу Америка ауп, ирҳәеит агәра ганы ишыҟоу мраҭашәаратәи атәылақәа иҟарҵо ақәыӷәӷәара Урыстәыла аҿагылара шалшо.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Ливиа аҳҭнықалақь Беирут иҟоу Еиду Амилаҭкәа Реиҿкаара ахыбра хада аҿаԥхьа имҩаԥысит Урыстәылеи Украина имҩаԥысуа арратә аоперациа ҷыдеи адгыларазы акциа ҳәа иҩуеит РИА Новости акорреспондент.
Акциа иалахәын Беирут инхо урыстәылатәи аитәылауаа, иара убас аҭыԥантәи активистцәа. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахыбра аҿаԥхьа еизаз иркын Урыстәылеи, Шьамтәылеи, Ливантәии абираҟқәеи Урыстәыла ахада Владимир Путини Шьамтәыла анапхгаҩы Башар аль-Асади рпортретқәа.
Акциа аиҿкааҩцәа иазгәарҭуеит Украина анацизм шыҟоу, аиҿагылара зхароу Еиду Америкатәи Аштатқәа шракәу.
"Шьамтәыла гәҭакқәас ирымаз анхыбгала, атәыла зегь андырхәаша, ажәлар аекономикатә блокада рзыуна амлакра анырзеиҿыркаа ашьҭахь Америка Урыстәылаҟа ииасит, уажәы Китаии дара рҳәатәы иақәымныҟәо атәылақәа зегьи ирықәыӷәӷәоит", - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Ливан иҟоу Шьамтәыла аусуҩцәа Рассоциациа аиҳабы Мустафа Мансур.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шьамтәыла имҩаԥысит зықьҩыла ауаа злахәыз Урыстәыла адгыларазы акциа
Активистцәа иара убасгьы ирҳәеит, Украина ицо ашьакатәара аанкылареи, украинатәи аиҳабыра рхымҩаԥгашьа иазхьаԥшырцази, амилаҭбаталионқәа аҭынчуааԥсыра ишрызныҟәо атәыи зҳәо ашәҟәы азырхиара ишаҿу Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерреш ихьӡала.
Украина абџьарахыхреи анацизм аанкылареи ирзырхоу арратә операциа ҷыда мҩаԥысуеижьҭеи 25 мшы ҵуеит. Донецки Лугански руааԥсыра ршәарҭадареи рыхьчареи хықәкыс иҟаҵаны, урыстәылатәи ар Украина адемилитаризациа мҩаԥыргоит. Икылкааны иқәыргоит арратә хыбрақәеи атехникеи.