Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ЕАР: Украина ааныжьны ицахьеит жәамиллионҩык ауааԥсыра

Еиҳарак зыҩнқәа ирхыҵны ицо абыргцәеи аҳәсеи ахәыҷқәеи роуп. Ахацәа 18 шықәса зхыҵуа инадыркны 60 шықәса рҟынӡа атәыла алҵра азин рымаӡам арратә ҭагылазаашьа иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik. Украина иалҵны ицаз ахҵәацәа, иара убас зыҩнқәа ааныжьны атәыла егьырҭ араионқәа рахь ицаны инымхар ада ԥсыхәа змоуз рхыԥхьаӡара жәамиллионҩык рҟынӡа инаӡоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ахҵәацәа русқәа рзын Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иреиҳаӡоу акомиссар Филиппо Гранди шьаҭас дганы.
"Украина ицо аибашьра убысҟак еиланаԥыххаит, уи иахҟьаны 10 миллионҩык иқәҵны ицеит, уахь иаҵанакуеит аҳәаа иахыҵны ицаз реиԥш атәыла егьырҭ араионқәа рышҟа ицазгьы", - ҳәа иҩит Гранди Twitter ихатәы даҟьаҿы.
Ахҵәацәа русқәа рзын Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иреиҳаӡоу акомиссар адыррақәа рыла, Украина иқәҵыз аиҳараҩык ахҵәацәа цеит Польша, Румыниа, Молдавиа. 200-нызқьҩык рҟынӡа Урыстәылаҟа.
Иара убас, Донбассантәи ахҵәацәа рыдыркылеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи. Ааигәанӡа Аҟәа иҟан Донецки Лугански рҟынтәи 118-ҩык ахҵәацәа, урҭ рахьынтәи аӡәырҩы рыҩныҟақәа ихынҳәит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украина арратә ҭагылазаашьа мызкы аҽҳәара иацҵоуп