Апассаџьыртә ҳаирплан Boeing 737 Китаи аладатәи акалҭ аҿы икаҳаит

Аҳаирплан иақәтәан 132-ҩык ауааԥсыра - 123-ҩык апассаџьырцәеи 9-ҩык аекипаж алахәылацәеи.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 21 – Sputnik. Авиакомпаниа China Eastern Airlines иатәыз апассаџьыртә ҳаирплан Boeing 737 Китаи аладатәи акалҭ аҿы икаҳаит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, КЖәР Амилаҭтә телехәаԥшра адырра шьаҭас иганы.
Аҳаирплан иақәтәан 132-ҩык ауааԥсыра - 123-ҩык апассаџьырцәеи 9-ҩык аекипаж алахәылацәеи. Иҭахази ахәрақәа заузи ирызку ҳәа макьана информациак ыҟам, аԥшаара-аиқәырхаратә усурақәа ирылагахьеит.
Гуанчжоу иҟоу Урыстәыла Аконсулра хада адырраҭарала, аҳаирплан урыстәылауаа ақәтәазу иақәымтәазу иазку аинформациа ыҟам.
КЖәР Гуанси-Чжуантәи автономтә раион ақалақьтә округ Учжоу ауезд Тен аҿы аҳаирплан каҳаит, аҭыԥан абна амца акит.