АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Урыстәыла АҶА, иара убас Башкириеи Аԥсни еизыргазгьы налаҵаны, 70 тонна агуманитартә еидара нагоуп ДЖәР ахь ҳәа аҩуеит РИА Новости, ДЖәР АҶА аобиектқәа реиҭашьақәыргылара ахылаԥшреи агуманитартә цхыраара аҟаҵареи рзы адепартамент адиректор, аполковник Валентин Гордиенко иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Агуманитартә еидара иаҵанакуеит афатә-ажәтә, зыда ԥсыхәа ыҟам ахархәагақәа, аргылара маҭәахәқәа, афымцамчхархәагақәа, ашколтә маҭәахәқәа.
"Ари аидара, Ареспублика Башкортосҭан, Аԥсны Аҳәынҭқарра еизыргазгьы налаҵаны 75 тонна ДЖәР иазырхоуп", - ҳәа иҳәеит Гордиенко.
Иара иазгәеиҭеит ацхыраара шеихшахо ДЖәР АҶА аҳәынҭқарратә комиссиа аилатәарақәа рҿы ирзынарышьҭуа азыҳәақәа инарықәыршәаны.