Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Донецк ашахтақәа ианреихс ашьҭахь ашьхаусзуҩцәа хыхь ихаргалеит

Украинатәи аруаа рхысра иахҟьаны аграждантә инфраструктура ааха аиуеит. Зықьҩыла ауаа ӡыда, лашарада иаанхоит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Донецк Засиадко ихьӡ зху ашахта ианаиеихс ашьҭахь ашьхаусзуҩцәа хыхь ихаргалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ДЖәР арацәеи аенергетикеи рминистрра адыррақәа шьаҭас иҟаҵо.

Аусбарҭа адыррала, адгьыл аҵан аус руан 35-ҩык. Аӡәгьы ԥырхага имоуит.

Уаанӡа адырра ҟаҵан Украина АМ иҟарҵоз ахысра иахҟьаны Донецк, Киевтәи араион ашахта афымца иаҿырхит. Арахь иааԥхьан ашьхеиқәырхаҩцәа ргәыԥ.
Хәажәкыра 19 рзгьы Челиускинаа рыхьӡ зху ашахтаҿы, Скочински ихьӡ зху ашахтаҿы УАМ рхысрақәа рышьҭахь 150-ҩык лашарада иаанхеит. Аӡәгьы ԥырхага имоуит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украина ДЖәР ашахтақәа ҩба иахьреихсыз азы 150-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра адгьыл аҵаҟа иаанхеит