Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

ДЖәР аҿы ирҳәоит украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа ауаа дыргәаҟуан ҳәа

Мариупольтәи аҳаиртә баӷәазаҿы ДЖәР аруааи аҭынч уааԥсыреи ахьдыргәаҟуаз абахҭа–"абиблиотека" еиҿкаан ҳәа аҳәоит икьыԥхьу УАШәМ уаанӡатәи аподполковник иҟаиҵаз адыррақәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Донбасс ауааԥсыра, киевтәи арежим аполитика иадымгылоз, абахҭа иҭаркуан, идыргәаҟуан ҳәа РИА Новости иазеиҭалҳәеит Донецктәи ареспубликаҿ ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаҩ Дариа Морозова.
"Зых иақәиҭаҳтәыз ақыҭа Талковка ахада иаҳзеиҭеиҳәеит ргәы иҭаз рҿы ишаздмырҳәоз, избанзар угәаанагара уҳәар, Мариупольтәи аҳаиртә баӷәазахь унаргон ҳәа", - лҳәеит омбудсмен.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Захарова: украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа румҭақәа иахьырхәхоит
Морозова иазгәалҭеит уи аҭыԥ аҿы шакәыз иахьыҟаз украинатәи имаӡаз абахҭа –"библиотека", ауаа рыргәаҟырҭа. Иара уоуп хыԥхьаӡара рацәала ауааԥсыра рыԥсыжырҭақәа ахьыҟаз.
"Донбасс агеноцид алаҵәан. Ауаатәыҩса рзинқәа еиларгон", - ҳәа лҳәоит Морозова.
Лара иазгәалҭеит украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа урысшәала ицәажәоз Донбасс ауааԥсыра зегьы рықәгара шрыгәҭакыз.
Уаанӡа УАШәМ аподполковникс иҟаз Васили Прозоров Мариупольтәи аҳаиртә баӷәазаҿы ДЖәР аруааи аҭынч уааԥсыреи ахьдыргәаҟуаз абахҭа –"абиблиотека" еиҿкаан ҳәа иҳәоит, афактқәагьы ааигоит.