Гинцбург COVID-19 апандемиа ахыркәшарахь инеир алшоит ҳәа изҳәом

Урыстәыла мышкала акоронавирустә инфекциа иахҟьаны рыԥсҭазаара иалҵуеит 400-ҩык рҟынӡа ҳәа иҳәоит Александр Гинцбург.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Макьаназ акоронавирус ықәҵуеит ҳәа аҳәара заауп, тәылақәак рҿы ачымазара ацәқәырԥа ҿыц азгәарҭоит, Урыстәыла мышкала акоронавирустә инфекциа иахҟьаны рыԥсҭазаара иалҵуеит 400-ҩык рҟынӡа ҳәа аҩуеит РИА Новости, Н.Ф. Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Рмилаҭтә центр адиректор Александр Гинцбург иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Тәылақәак рҿы ачымазара еиҳагьы аҽышьҭнахит. Уаанӡатәи аҭагылазаашьалагьы ҳара ҳҿы 400-ҩык инареиҳаны ауаа ԥсуеит мышк аҩнуҵҟала, аҽа чымазара иахҟьаны ариаҟара ауаа ԥсӡом", - иҳәеит Гинцбург, акоронавирус апандемиа нҵәома ҳәа ирҭаз азҵаара аҭакс.

Китаи аиҳабыра хәажәкыра 15 рызтәи адыррақәа рыла, уахыки-ҽнаки рыла 3602 коронавирус-хҭыс аарԥшуп ҳәа рҳәеит. 3507 – аҭыԥантәиқәа, 95 - иалагалоу. Атәылаҿ ариаҟара рбага 2020 шықәса алагамҭаахыс иазгәаҭамызт.
Урыстәыла аоперативтә штаб адыррақәа рыла, уахыки-ҽнаки рыла иаарԥшуп 31 035 COVID-19 ахҭысқәа, рыԥсҭазаара иалҵит 434-ҩык, ахәшәтәырҭақәа ирҭоуп – 2551-ҩык, ргәы бзиахеит - 74 675-ҩык.
Аԥсны апандемиа иалагазар 53122 коронавирус-хҭыс аарԥшуп. 672-ҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит, ргәы бзиахеит 48911-ҩык.
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистрра Аԥсны COVID-19 лаҟәуа иалагеит ҳәа азгәанаҭеит