Гинцбург COVID-19 аҟынтә аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа далацәажәеит

Аԥышәарақәа раан аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа еиуеиԥшым аштаммқәа рганахьала, "омикрон" налаҵаны, ахы бзианы иаанарԥшит.
Sputnik
АҞӘА, хажәкыра 21 - Sputnik. Акоронавирустә инфекциаҟынтә аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа "Спутник V" ашьҭахь ицхыраагӡахоит ҳәа аҩуеит РИА Новости Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Рмилаҭтә центр адиректор Александр Гинцбург иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Уажәы иара цхыраагӡак аҳасабала иҟалоит. Аҭҵаараан иаабап, алаҵа аԥынҵа иҭарҭәо ала аԥсахра. Аԥхьатәи аҭҵаарақәа иаадырԥшит ацәеижьҿагылақәа цәгьамкәа ишыҟанаҵо. Ажәакала – ибзиан", - ҳәа иҳәеит Гинцбург.

Гинцбург иажәақәа рыла, ари аҩыза амаҭәашьар шықәсыбжак ахь знык аиҭалаҵамҩаԥгара ахәҭоуп.
Аԥсны
Акоронавирус злаз ҩыџьа ачымазцәа рыԥсҭазаара иалҵит Аҟәатәи ахәшәтәырҭаҿы
COVID-19 (SPRAY 08-Гам-КОВИД-Вак-2021) аҟынтәи аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа аус адулара иалагеит 2021 шықәса жьҭаарамзазы. 2022 шықәса хәажәкыра 18 азы Ацентр адокументқәа ашәҟәҭагаларазы инанашьҭит.
Аҟазауаа рдыррақәа рыла, алаҵаҟаҵара ашьҭахь ауаҩытәыҩса ицәеижь ахьчаратә ҟазшьа каҳауа иалагоит. Алаҵа амчра ахьчаразы ацхыраагӡақәа (абустерқәа) аҭахуп. Хәажәкыра 18 азтәи адыррала Урыстәыла алаҵаҟаҵара иахысхьеит 84 миллионҩык.