Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Акоронавирус злаз ҩыџьа ачымазцәа рыԥсҭазаара иалҵит Аҟәатәи ахәшәтәырҭаҿы

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВременный госпиталь для больных коронавирусом в Сухуме
Временный госпиталь для больных коронавирусом в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2022
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 53122-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 48911-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 672-ҩык.
АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны ауааԥсыра COVID -19 азы атестқәа арҭеит 99-ҩык, урҭ рахьтә 35-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа ачымазцәа: 85 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси 64 шықәса зхыҵуаз ахаҵеи.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 22-а, рҭагылазаашьа бааԥсуп ааҩык, ибжьаратәуп 14-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 17-ҩык, урҭ рахьтә 10-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит жәҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 8-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы хәҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0