Аԥсны

Урыстәылантәи Аԥсныҟа "Иаку абилеҭ" ала аара ҟалоит

"Иаку абилеҭ" асистема 2017 шықәсазы иалагалан. Иара иалнаршоит апассаџьырцәа адокументқәа рацәаны рхарҭәаара рықәымшәарц.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 21 – Sputnik. Урыстәылантәи Аԥсныҟаи Аԥснынтәи Урыстәылаҟаи апассаџьырцәа рныҟәгара еиҭахацыркхоит акурорттә сезон алагамҭаз ҳәа аанацҳауеит икоммерциатәым аиҿкаара "Иаку атранспорттә дирекциа" апресс-маҵзура.
Апассаџьырцәа рымҩангара мҩаԥгахалоит аихамҩатә станциа "Адлер" аҿи Шәача аҳаиртә баӷәазаҿи атранспорт аиҭакрала мшаԥы 30 инаркны цәыббра 30 аҟынӡа Аԥсны ақалақьқәа: Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Афон Ҿыц, Аҟәа рахь.
Иаку абилеҭ амаршрут зегь аҿы аус ауеит атранспорт хкқәа зегьы рҿы. Абилеҭқәа "адәыӷба+автобус" аихамҩатә вокзалқәа ркассақәа, АЕ "Афедералтә пассаџьыртә еилахәыра" аҳақәа ма УАМ асаитқәа рҿы, абилеҭқәа "аҳаирплан+автобус" Атранспорттә клирингтә палата аҳақәа рҿы раахәара ҟалоит.
Аԥсныҟа "Иаку абилеҭ" ала 2021 шықәсазы х-нызқьҩык рҟынӡа ауаа ааит