Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Атәылахьчара аминистрра аракетатә комплекс "Кинжал" аԥыжәарақәа ртәы иалацәажәеит

Атәылахьчара аминистрра аракетатә комплекс "Кинжал" аԥыжәарақәа аанарԥшит аоперациа ҷыда амҩаԥгараан. "Кинжал" ала Украина арратә инфраструктура аобиектқәа ԥхьаҟагьы ааха рыҭахалоит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Авиациатә ракетатә комплекс "Аҟама" алшарақәа дуқәа аанарԥшит аӷа иобиект ҷыдақәа рыжәлараан ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла ААР аофициалтә хаҭарнак Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иганы.
Аракетақәа "Аҟама" рхархәарала Урыстәыла арратә мчрақәа иҭадырхеит украинатәи адгьылаҵатә ракетатә комплексқәа "Точка-У" Делиатин иҟаз рыҵәахырҭа, Константиновка иҟаз абылтәыҵәахырҭа.

"Абжьы иаԥызго аракетақәа "Аҟама" 1000 километра рҟынтәи ахысрақәа мҩаԥыргон. Аракета аԥырра аамҭа 10 минуҭк агоит. Аракета аццакыреи акинетикатә мчхареи ирыбзоураны иархәашеит ашьхараҿ, адгьыл аҵа иҵаҵәахыз арсенал", - ҳәа иҳәеит Конашенков, иагьазгәеиҭеит аракета ахархәара Аҳауаҽацәыхьчаратә система ишаԥырхагам.

Иара убасгьы иҳәеит урыстәылатәи ар аԥшыхәратә дырраҭарақәа рыла ишҭадырхаз Киев акалҭ аҿы игылаз украинатәи ареактивтә системақәа рбатареиа, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Конашенков иҳәеит аракетақәа рхархәара хра арҭоит арратә инфраструктура аҭархараҿы. Убри аан аграждантә обиектқәа ирԥырхагам. Урҭ дара амилаҭеилыхыҩцәа рхаҭақәа шракәу еилазырбго.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Украина аракетақәа адгьылаҵатәи рышьҭаҵарҭа ԥыржәеит