Арадио

Кәарҷиа: Апарламент ахь инеиуа алыхәҭа дкылхзароуп

Ауаажәларратә палата алахәыла Абессалом Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҿы "Апарламент адепутатцәа ралхразы" Жәлар Реизара адепутатцәа ирыдыркылаз аԥсахрақәа ахҳәаа риҭеит.
Sputnik
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала Аконституциатә закәан "Апарламент адепутатцәа ралхразы" аԥсахрақәа аланагалеит.
Актәи – аҳәынҭқарратә бызшәеи аурыс бызшәеи идыруазароуп акандидат.
Аҩбатәи – ақәратә ценз 25 рҟынтәи 30 шықәса рҟынӡа ихагалоуп.
Абессалом Кәарҷиа аԥсахрақәа рыхԥагьы рзы игәаанагара иҳәеит, иазгәеиҭеит урҭ рацәак анырра шыҟарымҵо. Иара игәаанагарала, Апарламент ахь инеираны иҟоу адепутат алыхәҭа дкылхзароуп.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.