Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Facebook-и Instagram-и екстремисттә еиҿкаарақәоуп ҳәа ӡбаны рзин ааныркылеит

Апрокурорцәа ргәаанагарала, арҭ асоциалтә ҳақәа рҿы ирыладырҵәо аекстремисттә информациа хаз игоу ахаҿқәа реиԥш ауаажәларра зегьы ирԥырхагоуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik. Москва, Твертәи аӡбарҭа хәажәкыра 21 рзы Facebook-и Instagram-и екстремисттә еиҿкаарақәоуп ҳәа азыӡбаны Урыстәыла рзин ааннакылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Апрокуратура хада урыстәылаа рзин хадақәа реилагара ԥхьаҟагьы иаԥдырҟәҟәааит.

Instagram иамбазшәа ҟанаҵеит Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аоперациа ҷыдазы 4,5 нызқь феик. Урҭ рықәгара мап ацәнакит? ззин ыҟам амитингқәа реиҿкааразы ааԥхьарақәа реиԥш.

Апрокурор иҳәеит аӡбара ишаҵанамкуа амессенџьер WhatsApp.
Meta ахаҭарнак лакәзар, илҳәон урыстәылатәи ахархәаҩцәа арҭ аҳақәа аинырразы рхы иадырхәон ҳәа. Ацәажәара зхылҿиааз аинформациа ахәҭа маҷӡан, уи азы аилахәыра ахараԥса ашәахьеит ҳәа лҳәеит лара.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Асоциалтә ҳа ВКонтакте абизнес маҷи абжьаратәии адгылара рынаҭоит
Уаанӡа Meta Platforms – Facebook, Instagram зҵазкуа америкатәи аилахәыра Украина иҟоу ахҭысқәа инарыдҳәаланы мраҭашәаратәи тәылақәак рҿы аамҭала урыстәылатәи аруаа, Урыстәылеи Белоруссиеи рхадацәа рганахьала амч ахархәараз ааԥхьарақәа рзин ҟанаҵеит.
Абри ашьҭахь Урыстәыла Апрокуратура хада аҳәамҭа ҟанаҵеит аӡбарҭа аилахәыра Meta екстремисттә еиҿкаароуп ҳәа иашьарц, аусурагьы Урыстәыла аҵакыраҿы иаанкылазарц.
Meta ахада ихаҭыԥуаҩ Ник Клегг иҳәеит аполитика ҿыц Украина мацараҿ ахархәара шамоу, иагьазгәеиҭеит Meta "аурысцәымӷра ахахьгьы ишыҟам".
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Аексперт асоциалтә ҳақәа Мраҭашәаратәи атәылақәа рзы ибџьаруп иҳәеит
Роскомнадзор, Апрокуратура хада аҭахрала, Урыстәыла Instagram аусура ааннакылеит.
Асоциалтә ҳақәа рыҩбагьы русура аанкылоуп, урҭ Урыстәыла аҩнуҵҟа аус руам урыстәылатәи АИХқәа, РИА Новости, Sputnik, RT уҳәа егьырҭгьы адискриминациа ахьырзыруа азы.