Аԥсны

Урыстәылатәи аррамаҵзурауаа аԥснытәи ашьхақәа рҿы аекстремалтә техникарныҟәашьа ддырҵоит

Акурс ҷыдақәа ирыхрыжьуеит аррамаҵзурауаа Аԥсны ашьхақәа рҿы аԥышәа змоу аинструкторцәа рнапхгарала.
Sputnik
АҞӘА, хәаәкыра 22 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Аладатәи арратә база аррамаҵзурауаа Аԥснытәи ашьхақәа рҿы аекстремалтә техникарныҟәашьа ддырҵоит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
400-ҩык рҟынӡа аррамҵзурауаа атехника хьанҭа, автомашьынақәа УАЗ, ГАЗ, УРАЛ, КамАЗ "Мустанг", иара убасгьы акәылӡтщы машьынақәа БТР-82А рныҟәцара мҩаԥыргоит ашьхаратә ҭыԥқәа рҿы.
Арныҟәцаҩцәа аекстремалтә ҭагылазаашьақәа рҟны ашьхаӡиасқәа, аҭҳәаақәа, амҩаҿҟьарақәа, ахаҳә зныжьлоу амҩақәеи ацәаакырарақәеи ирнысуан.
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан ҽынлеиԥш уахынлагьы.
Аԥсны
Аԥсны арбџьармчқәа аҽазыҟаҵара цҵақәа мҩаԥыргоит Украина иҟоу аҭагылазаашьа инамаданы
Атехника аныҟәцара, ари аидарақәеи рымҩангара рзы аҽазыҟаҵарақәа рыпрактикатә хәҭа мҩаԥгахоит ахысырҭақәа Ҵабали Нагвалоуи рҿы.