Аԥсны

Аҟәа имҩаԥысит аицлабра "Аҿар рыбжьы"

Есышықәса имҩаԥысуа аԥсуа естрадашәа анагӡаҩцәа реицлабра "Аҿар рыбжьы" хықәкыс иамоуп аҟыбаҩ злоу аҿар ралԥшаара, аԥхьаҟа урҭ ацхыраара рыҭара.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik,Наала Гәымԥҳа. И.Кортуа ихьӡ зху Жәлар рырҿиара ацентр еиҿнакааз аестрадатә шәаҳәаҩцәа XXI рреспубликатә еицлабра "Аҿар рыбжьы" актәи ахәҭа мҩаԥысит хәажәкырамза 23 азы, Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҿы.
Аицлабра мҩаԥган заа афилармониа ахыбраҟны, уаҟа иалкаан аиааира згаз ахәыҷқәа. Аконцерт алагаанӡа уи аиҿкааҩ-анапхгаҩы Нури Кәарҷиа дазааҭгыло иҳәеит аицлабра шеиҿкаау, ҿыцрақәас иалагалоу атәы.
"Аиндаҭлара мҩаԥаҳгеит ашьыбжьышьҭахь. Иалаҳкааит иреиӷьу ашәаҳәаҩцәа, урҭ рыӡбахә ҳазааҭгылоит аконцерт ахыркәшамҭаз. Сынтәа раԥхьаӡакәны иҟарҵаз аҳәарала иалагалоуп аиҳабыратәи агәыԥ. Ари агәыԥ аҟны зегь иреиҳабу лықәра макьана имаӡоуп", - ҳәа иҳәеит Кәарҷиа.
Аицлабра "Аҿар рыбжьы"
"Аҿар рыбжьы" иалахәуп Аԥсны ахы-аҵыхәа аҟынтәи 56-ҩык рҟынӡа аҿар. Аицлабра хықәкыс иамоуп аҟыбаҩ злоу аҿар ралԥшаара, аԥхьаҟа урҭ ацхыраара рыҭара, иара убас аԥсуа шәақәа реиқәырхара.
"Ахәыҷқәа аԥсуашәала рыбжьы аргара, ҳаԥсуа шәақәа рӡыргара, аҿар агәыблра дыркра ауп хықәкыс иҳамоу", - ҳәа иҳәеит аицлабра аиҿкааҩ Нури Кәарҷиа.
Аицлабра "Аҿар рыбжьы"
Аицлабра "Аҿар рыбжьы" хә-гәыԥкны ишоуп. Актәи агәыԥ ахь иаҵанакуеит 6-8 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа, аҩбатәи агәыԥ ахь иаҵанакуеит 9-10 шықәса зхыҵуа, ахԥатәи агәыԥ 11-13 шықәса, аԥшьбатәи - 14-17, убас ахәбатәи агәыԥ -18 шықәса инаркны.
Аконцерт актәи амш иалахәын 6-8, 9-10 шықәса зхыҵуа ашәаҳәаҩ қәыԥшцәа, адуетқәа 3, иара убас агәыԥ "Анасыԥ".
Аконцерт аадыртит Доминикеи Даниелеи Арышԥҳацәа рдует ала, инарыгӡеит ашәа "С-Нана". Аконцерт аԥхьатәи амш хыркәшан агәыԥ "Анасыԥ" рықәгыларала. Иалахәыз зегьы иранашьан арҿхәаԥхьаӡқәеи адипломқәеи.
Аицлабра "Аҿар рыбжьы"
Аицлабра ажьиури иалахәуп: Аԥсны Жәлар рартистка Лиудмила Гәымԥҳа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Омар Сангәылиа, ашәаҳәаҩ Манана Братухина.
Аконцерттә еицлабра аҩбатәи ахәҭа иацҵахоит хәажәкырамза 24 азы.