Аԥсны

Аминистрцәа реилазаара 2021 шықәсазы ареспубликатә биуџьет анагӡара аднакылеит

Ахԥатәи аҵыхәтәантәи аԥхьарала "2021 шықәсазы ареспубликатә биуџьет азы" азакәан рыдыркылеит Аԥсны Апарламент аҿы 2021 шықәса хәажәкыра мзазы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аминистрцәа реилазаара 2021 шықәсазы ареспубликатә биуџьет анагӡара аднакылеит хәажәкыра 24 азы имҩаԥнагаз аилатәараҿы.
Аҳасабырба инақәыршәаны ареспубликатә биуџьет алагалатә хәҭа 9 миллиардки 111 миллиони 959 нызқьмааҭ ыҟоуп, аныхратә хәҭа - 8 миллиардки 983 миллиони 261 нызқьмааҭ. Адефицит– 128 миллиони 698 нызқьмааҭ.
Ажьырныҳәамзазы арадио Sputnik аинтервиу аҭо афинансқәа рминистр Владимир Делба иҳәеит 2021 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьет шынагӡоу 107,7 процент рыла (ахатәы лагалақәа шьҭыхуп 827 миллион мааҭ рыла).
Иара иажәақәа рыла, ареспубликатә биуџьет ишьақәырӷәӷәаз ахышәаҵышәа иаҿырԥшны 686 миллион мааҭ еиҳауп.