Аԥсны

Аус адулоуп Аԥсны абикәынреи ахылаԥшреи рыҟәшазы иаку Аԥҟара апроект

Ахашаҽны имҩаԥысит Аԥсны ахәыҷы изинқәа рзы азинмчра змоу Мактина Џьынџьалԥҳаи, ахәыҷқәа рзин ахьчаҩ аппарат азиндырыҩ Лианы Векәуаԥҳаи Аҟәа ахада Беслан Ешбеи реилацәажәара.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik. Аԥсны ахәыҷы изинқәа рзы азинмчра змоу аппарат Аԥсны абикәынреи ахылаԥшреи рыҟәшазы иаку Аԥҟара апроект аус аднауылеит ҳәа лҳәеит Аԥсны ахәыҷы изинқәа рзы азинмчра змоу Мактина Џьынџьалԥҳа Аҟәа ахада Беслан Ешба иԥылараан.
Аомбудсмен илҳәеит Аппарат ареспублика иахьаҵанакуа абикәынреи ахылаԥшреи русхк агәаҭара ишахыгаз.
Агәаҭарақәа раан иаарԥшын абикәынреи ахылаԥшреи рраионтә ҟәшақәа рмаҵзуратә абжьгарақәеи аԥҟарақәеи реиԥшымзаара. Уи иахҟьоит арҭ аҟәшақәа реинырраан аивыгарақәа.
Аԥсны
Афонд "Ашана" Мариа Кесиани Валериа Џьынџьалԥҳаи рзы аԥареизгара хацнаркит
Абри инадҳәаланы ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу аппарат, аҳәынҭқарратә усбарҭак аиԥш иахьчалароуп зықәра намӡац рзинқәа, ринтересқәа. Убри азоуп уажәы Аԥсны ахәыҷы изинқәа рзы азинмчра змоу аппарат Аԥсны абикәынреи ахылаԥшреи рыҟәшазы иаку Аԥҟара апроект аус заднауылаз.
Ешба апроект ҭҵааны Аппарат азиндырыҩ азҵаарақәа лиҭеит, ҭабуп ҳәа ахиҳәааит ари аҩыза аусура ду ахьыҟаҵаз. Аҟәа ахада иҳәеит анорматив-зинтә база агәаҭарала ишалагатәу аиҭакра, иҟаҵоу иашаны ишыҟаҵоу.
Беслан Ешба Аҟәа ахадара азиндырратә ҟәша анапы ианиҵеит ажәалагалақәа азнархиарц, апроект азы алкаақәа ҟанаҵарц.