АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik. Урыстәыла аимҳәаду ииасыз ашықәс аихшьаалақәа рыла 4% илаҟәит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Иахьазы Урыстәыла аимҳәаду аҭоурыхтә лаҟәыраҟынӡа инеит астатистикатә гәаҭарақәа ирҿуижьҭеи", - иҳәеит аминистр.
Мурашко иазгәеиҭеит, заанаҵтәи адыррақәа рыла 2021 шықәса анҵәамҭаз, COVID-19 апандемиа шыҟазгьы агәабзиарахьчаратә система аусура шьахә иаанарԥшит аимҳәаду 4% ишеиҵахаз ҳәа.
Убри аан аминистр иажәақәа рыла арбагақәа реиҵатәра мҩаԥысуеит еиҳа иуашәшәыроу ауааԥсыра реилазаараҿгьы. Алахьыҭаратә усбарҭақәа рҿы иҟоу рыбжьара раԥхьаӡа акәны ачымазара 6,8% итәеит.
ААЕ астатистикала аимҳәаду адунеи аҿы реиҳа аԥсҭбарақәа аазго чмазароуп, шықәсык ала –1,5 миллионҩык (урыстәылаа - 7,5 нызқьҩык) рыԥсҭазаара иалҵуеит.
Хәажәкыра 24 азы адунеи аҿы иазгәарҭоит аимҳәаду иаҿагыланы ақәԥара амш.
Аҵыхәтәантәи ажәашықәса Урыстәыла ачымазара хҽуа иалагеит. 2010 - 2019 шықәсқәа рзы 1,9-нтә еиҵахеит.