Аԥсны

Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аррамаҵзурауаа Аиааира апарад рҽазыҟарҵоит

Лаҵара 9 рзы иазԥхьагәаҭоу аныҳәатә уснагӡатәқәа ирылахәхоит Аԥсны Атәылахьчара аминистрреи Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭеи русзуҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира 77 шықәса ахыҵра аҽазырхиара иалагеит.
Есыҽны асолдаҭцәа 10 километрак иахысуеит шьапыла. Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп шәҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа.
Аԥсны
Урыстәылатәи аррамаҵзурауаа аԥснытәи ашьхақәа рҿы аекстремалтә техникарныҟәашьа ддырҵоит
Иара убасгьы апарад иалахәхоит ААО арратә оркестр. Аколлектив инанагӡоит арратә аамҭа иатәызи ҳаамҭазтәии амаршқәа.
Урыстәылатәи аруаа Аиааира Амш, Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш еснагь рхы рыладырхәуеит, аветеранцәа ирыдныҳәалоит.