Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Украина аҭагылазаашьазы Урыстәыла иаҿагыло арезолиуциа аднакылеит

Уаанӡа, ахымца аанкылара арежим азԥхьагәазҭоз урыстәылатәи арезолиуциа апроект ЕАР Ашәарҭадаратә Хеилак иаднамкылеит, избанзар уа Урыстәыла агрессорны иарбамызт.
Sputnik
АҞӘА, хәажәыркыра 25 – Sputnik. ЕАР Ассамблеиа Хада Украина агуманитартә ҭагылазаашьазы Урыстәыла иаҿагыло арезолиуциа аднакылеит ҳәа аҭыԥ аҟынтәи иааицҳаит РИА Новости акорреспондент.
Апроект азы рыбжьы арҭеит 140 ҳәынҭқарра, рҽааныркылеит 38 (Ермантәыла, Алжир, Китаи, Иран у.у.е), иаҿагылеит Урыстәыла, Белоруссиа, Еритреиа, Шьамтәыла, КЖәДР.
Ирыдыркылаз арезолиуциа Украина иаҿагыло аибашьра Урыстәыла аганахь ала аанкылареи, ақалақьқәа аблокада рхыхреи, хәажәкыра 2 рзы арратә операциа аанкыларазы Ассамблеиа Хада арезолиуциа анагӡареи мҩаԥнагароуп ҳәа азгәанаҭоит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак иаднамкылеит Украиназ Урыстәыла агуманитартә резолиуциа
Иара убасгьы адокумент агуманитартә дҵақәа аныԥшуеит – аҭынч уааԥсыреи, аграждантә инфраструктуреи, ажурналистцәеи, амедусзуҩцәеи рыхьчареи, агуманитартә бжьысырҭақәа реиҿкаареи.
Арезолиуциа азырхиан Мексикеи Франциеи рыпроект анрыдрымкыла ашьҭахь. Уи апроект Урыстәыла ахара ахаразҵо аполитикатә хәшьара аҭан.
ЕАР рҿы иҟоу Урыстәыла ахаҭарнак Васили Небензиа иҳәамҭала, мраҭашәаратәи атәылақәа рхаҭарнакцәа Урыстәыла ахара ахаразҵо, аполитикатә хәшьара азҭо арезолиуциа мап ацәыркит уи Урыстәыла авето ақәнаҵон азы. Убри аан Ассамблеиа Хада арезолиуциа Ашәарҭадаратә Хеилак аӡбара еиԥш адҵаҟаҵара алшом.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ЕАР: Украина ааныжьны ицахьеит жәамиллионҩык ауааԥсыра