Аҩбатәи ахәҭа: Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа шымҩаԥысыз

Аԥсны имҩаԥысит Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур. Апарламент абыжьбатәи ааԥхьара адепутатцәа алырхуан 17 алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рҟны.
Sputnik
Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур хыркәшоуп, алхратә ҭыԥқәа аркын асааҭ 20:00 рзы. Алхрақәа заанаҵтәи алҵшәақәа рылаҳәахоит амҽыша, хәажәкыра 27 рзы, асааҭ 12:00 Аԥсны алхратә комиссиа хада апресс-центр аҟны.
Азакәан инақәыршәаны, бжьы заҵәык ала еиҳахаз акандидат даиааит ҳәа дыԥхьаӡоуп. Абжьыҭара инеираны иҟоуп ҳәа алхыҩцәа рхыԥхьаӡара иазԥҵәоу ыҟаӡам.
Жәлар Реизарахь 17 ҭыԥ рахь иқәгылан хәажәкыра 12 рзы имҩаԥгаз алхрақәа раан реиҳа абжьы зауз 34-ҩык акандидатцәа. Урҭ рахьтә ԥшьҩык-ҳәсақәоуп.
1 / 11

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысит хәажәкыра 26 рзы.

2 / 11

Абжьыҭара мҩаԥысуан 17 алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рҟны.

3 / 11

Бжьы заҵәык ала еиҳахаз акандидат даиааит ҳәа дыԥхьаӡоуп.

4 / 11

Абжьыҭаразы инеиуаз алхыҩцәа рхыԥхьаӡара маҷӡамызт.

5 / 11

Алхратә ҭыԥқәа рҟны асанитартә нормақәа ирықәныҟәон.

6 / 11

Гәдоуҭатәи 18-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿы лаҵарамза 14 рзы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит.

7 / 11

Алхырҭатә ҭыԥқәа хылаԥшра рырҭон азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа.

8 / 11

Алхратә комиссиа аусзуҩы.

9 / 11

Дарбанзаалак играждантә уалԥшьа анагӡара иуалуп.

10 / 11

Абжьыҭара заатәи алҵшәақәа рылаҳәахоит хәажәкыра 27 асааҭ 12:00 рзы.

11 / 11

Алхырҭатә ҭыԥқәа рышәқәа адыркит асааҭ 20:00 рзы – иалагеит абжьқәа рыԥхьаӡара.