Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Аахыҵ Уаԥстәылантәи аруаа Украинаҟа ицеит аоперациа ҷыда иалахәхаразы

Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа ҷыдаан ДЖәР-и ЛЖәР-и ирцхырааны Украина арратә инфраструктуреи архәҭақәеи ирылахысуеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 26 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәылантәи аруаа Украинаҟа ицеит Донбасс ахьчаразы имҩаԥысуа арратә операциа ҷыда иалахәхаразы, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла, атәыла ахада Анатоли Бибилов иофициалтә Telegram-канал адыррақәа шьаҭас иганы.
"Дара ибзианы еилыркаауеит Аԥсадгьыл ахьчараз ишцо, Уаԥстәылагьы ахьчараз ишцо. Избанзар афашизм инахараны иахьынӡаҟоу иҭаумырхар, уаҵәы ҳара ҳаҩнқәа рҟынӡа иааӡоит, Ҳаԥсадгьыл аҿгьы убас рхы мҩаԥыргар рылшоит", - иҳәеит Бибилов.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иажәа иацҵо иҳәеит аахыҵуаԥстәылатәи аруаа шгәымшәақәоу. Иара убас еибга-изҩыда, аиааира ганы аҩныҟа ихынҳәырц рзеиӷьеишьеит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин Украина арратә операциа иалахәу рыстатус азы азакәан инапы аҵаиҩит
Урыстәыла Украина арратә операциа иалагеит жәабран 24 рзы. Ахада Владимир Путин иара иахықәку киевтәи арежим аҟынтәи аашықәса агеноцид иҭагылоу ауааԥсыра рыхьчароуп ҳәа иҳәеит. Уи азы, Урыстәыла Арбџьармчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада иажәақәа рыла, "Украина адемилитаризациеи аденацификациеи" мҩаԥгатәуп.