Аԥсны

Аԥсны АҶА ҩ-миллион мааҭк рыхә абылрацәыхьчагатә маругақәа ҳамҭас иаиуит

Амцарцәагатә ӡыҭгага ҿыцқәа Аԥсны АҶА араионтә ҟәшақәа рахь еихшоуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра ҩ-миллион мааҭк рыхә абылрацәыхьчагатә маругақәа ҳамҭас иаиуит, абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭарҳәеит аусбарҭа апресс-маҵзураҟны.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы аминистрраҟны амцарцәагатә ӡыҭгагақәа рызхомызт, избан акәзар лассы-ласс ахархәара иахҟьаны ирымақәаз ажәит.

"Аиашазы, ауадаҩрақәа ҳаман. Амцарцәагатә ӡыҭгагақәа рыхә маҷӡам, иҷыдоу арезина иахьалху азы. Иҳамақәоу шықәсқәак ҵуеит ҳхы иҳархәоижьҭеи, иажәит. Уи азы уажәы ари аҳамҭа акырӡа иҳахәеит. Амаругақәа рхаҭабзиара ҳаракуп, акыр шықәса иныҟәаагап ҳәа ҳгәы иаанагоит", - рҳәеит апресс-маҵзураҟны.

Аҳамҭа ҟазҵаз ихьӡ аӡыргара иҭахымхеит. Аусбарҭа араионтә ҟәшақәа рҟынтәи иҟаз аҳәарала амцарцәагатә ӡыҭгага ҿыцқәа еихшоуп. Аҳәынҭбиуџьет нымхӡакәа аиқәырхаратә усбарҭа иамаз ауадаҩра ӡбоуп.