Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы алхрақәа аҩбатәи ртур ахь инеиз рыпроцент атәы азгәарҭеит

Жәлар Реизарахь адепутатцәа ралхразы абжьыҭира аҩбатәи атур мҩаԥысуеит Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҟынтәи алхратә ҭыԥ хадақәа ԥшьба рҿы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагреи Гәдоуҭеи араионқәа рҟынтәи алхратә ҭыԥ хадақәа ԥшьба рҿы асабша, асааҭ 14:00 рзы инеиз рхыԥхьаӡара 24% - 57% инаӡон ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭарҳәеит алхратә ҭыԥ хадақәа ркомиссиақәа рхантәаҩцәа.

Гагратәи ақалақьтә алхратә ҭыԥ хадаҿы асааҭ 14:00 рзы инеиз рхыԥхьаӡара 24% ыҟан, 6848-ҩык рҟынтәи 1706-ҩык рыбжьы рҭиихьан. Акомиссиа ахантәаҩы Давид Гьезердаа иажәақәа рыла, алхрақәа мҩаԥысуан еилагарада. Оҭҳаратәи алхратә комиссиа ахантәаҩы Мирон Чакветаӡе иажәақәа рыла, асааҭ 14:00 рзы 1326-ҩык рыбжьы рҭиит 3100-ҩык рҟынтәи. Ари асиақәа рҿы иарбоу рҟынтәи 42% инаӡеит.

"Ауаа рактивра бжьаратәуп. Аҭыԥқәа рҿы ҭынчроуп, еилагарак аӡәгьы иазгәеимҭацт", - ҳәа иҳәеит иара.
Афонҿыцтәи акомиссиа ахантәаҩы Вероника Белиаева лажәақәа рыла, ауаа ргәалаҟазаара бзиоуп, рнеира акәзар, асааҭ 14 рзы 42% алхыҩцәа рыбжьы рҭиит: 1100-ҩык 2598-ҩык рҟынтәи.
"Еилагарак азгәаҭам. Активла ауаа ааиуеит. Аԥхьатәи атур аан ауаа рааишьа 60% инаӡон. Уажәгьы ари арбагаҟынӡа ҳнеип ҳәа сыҟоуп. Алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы рҿы сыҟан. Зехьынџьара ҽыԥныҳәа ыҟам", - ҳәа лҳәеит Белиаева.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
12 Жьҭаара 2022, 21:55
Аацытәи 20-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿгьы иҭынчроуп. Ахантәаҩы Роман Гамсаниа асааҭ 14:00 рзы еилагарагь ыҟам, ҽыԥныҳәагь ыҟам ҳәа азгәеиҭеит.
Ари аамҭазы 50% рыбжьы рҭиит: 1950-ҩык 3700-ҩык рҟынтәи.
20-тәи алхратә ҭыԥ хада иаҵанакуа Ҭасраҟәа ақыҭан алхырҭатә ҭыԥ аҿы акомиссиа ахантәаҩы Милана Тәанԥҳа илҳәеит асааҭ 12:00 рзы 70-ҩык рыбжьы шырҭихьаз 267-ҩык рҟынтәи, ҩ-сааҭк рышьҭахь - 153-ҩык рыбжьы рҭиит.
"Аҭагылазаашьа маншәалоуп. Уадаҩрак ыҟам. Анаԥшыҩцәа рхымҩаԥгашьа шьахәуп. Азакәан аилагара алмыршахарц иахәҭоу аусурақәа мҩаԥаагоит", - лҳәеит лара.