Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Медведев: ԥҟарада Урыстәыла аганахьала аекономикатә еибашьра адунеиеиҿкаара еиланажьуеит

Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә перациа инамаданы Мраҭашәара атәылақәак зеиԥш ҟамлацыз асанкциақәа аларгалеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 26 - Sputnik. Иарбанзаалак ԥҟарада Урыстәыла аганахьала аекономикатә еибашьра адунеиеиҿкаара еиланажьуеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев РИА Новости-и RT-и аинтервиу рыҭо.
"Иҟарҵозеи арҭ атәылақәа? Дара идырбаандаҩуеит афинанстә усбарҭақәа рактивқәа, Абанк хадагь налаҵан. Ари иаанаго - ԥҟарак азгәамҭо аибашьроуп. Ишԥаҟало иара ахылҿиаақәа? Адунеитә економика еиланажьуеит", - иҳәеит Медведев.
Иара игәаанагарала, економикатә еибашьра аџьармыкьатә економика ҵнашәаауеит, Урыстәыла аганахь алагьы аҭакқәа ҟанаҵоит.
"Ари адунеи аҿы XVIII–XIX ашәышықәсақәа рзы ишьақәыргылоу аекономика ааха аҭароуп иаанаго, аиҳаракгьы Европа, ЕАА, Урыстәыла, азиатәи атәылақәа зегьы рҿы. Иахуҳәаауазеи ари – дара ирзеицәамзар, иҟарҵалааит. Ҳәарада, аҭак роушт", - ҳәа иҳәеит Медведев.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Медведев: Мраҭашәара абизнес ақәыӷәӷәарала Урыстәыла анапхгара анырра рзаҭом
Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла аҭак хра аманы иҟалоит.
"2014 шықәсазы асанкциақәа ҳадҟарымҵалазҭгьы, иахьа ҳқыҭанхамҩа еиҳа иԥсыҽзаарын. Атәыла атәым алагалара ҳаҟәыҵит, ҳара ҳтәы ааҳрыхуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Медведев иазгәеиҭеит 2008 шықәсазтәи акризиси 2014 шықәсазтәи акризиси бзианы ишигәалашәо.
"Уажәтәи аҭагылазаашьа аҽакуп. Усҟан ҳазегьы адунеитә кризис ҳаҿагылан. Иагьҳалҳаршеит аиааира. Досу иара изнеишьала, аха адунеитә економика еиқәҳархеит. Урыстәыла аекономикагьы. Уажәы имҩаԥысуа економикатә еибашьроуп ҳәа ахиҳәааит Франциа аминистрк. Дагьиашоуп. Убри аан ари аибашьраҿы ԥҟарак иқәныҟәарц ргәы иҭам", - иҳәеит Медведев.
Дмитри Медведев иара убасгьы иҳәеит адефолт аан, 1998 шықәсазы Урыстәыла еиҳа ишыԥсыҽыз иахьа аасҭа.
Урыстәылеи Мраҭашәареи реизыҟазаашьа аибашьра хьшәашәа аан аасҭа еиҳа ибааԥсуп иҳәеит Медведев, РИА Новости аинтервиу анеиҭоз.