Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин Украина арратә операциа иалахәу рыстатус азы азакәан инапы аҵаиҩит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, ари аԥшьгамҭа аларҵәаразы иҵегьы иазоужьу аԥара хә-миллиард мааҭк раҟара артәоит 2022 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 26 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин афедералтә закәан инапы аҵаиҩит Украинеи Донбасси имҩаԥысуа арратә операциа ҷыда иалахәу аруаа аибашьра аветеран ҳәа астатус рыҭазарц азы.
Абри азакәан кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы.
Азакәан аветерани аибашьраҿы ихымхәахази аруаҩ истатус шьақәнарӷәӷәоит, иара убас Украина, Донецктәи Лугансктәи Жәлар Рреспубликақәа рҿы иҷыдоу арратә операциаан адҵақәа назыгӡо егьырҭ азинхьчаратә, амчратә усбарҭақәа русзуҩцәагьы рыстатус.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, ари аԥшьгамҭа аларҵәаразы иҵегьы иазоужьу аԥара хә-миллиард мааҭк раҟара артәоит 2022 шықәсазы.
Аҳәынҭдума аиҳабы Виачеслав Володин ишиҳәахьаз ала, ари азакәан иабзоураны аветеранцәа ашәахтә, атранспорттә, адгьылтә, анхаратә хырхарҭақәа рҟны асоциалтә цхыраара роулоит, иара убас акоммуналтә шәарақәа рҿы альготақәа рынаҭалоит.