Аԥсны

Аԥснытәи акаратистцәа "Кавказ ахраҿа" аицлабраҟны актәии ахԥатәии аҭыԥқәа роуит

Шәача хәажәкыра 25-27 рзы имҩаԥысуаз 800-ҩык аспортсменцәа злахәыз Урыстәылазегьтәи аицлабра "Кавказ ахраҿа" Аԥснытәи акаратистцәа алахәын.
Sputnik
АҞӘА, хәаәкыра 28– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи акаратистцәа "Кавказ ахраҿа" аицлабраҟны актәии ахԥатәии аҭыԥқәа роуит ҳәа иҳәеит акарате азы Афедерациа ахада Сергеи Демианов.
8-9 шықәса зхыҵуаз рыбжьара ахьтәы медал иоуит Захариан Ернест аклуб "Фудокан" аҟынтә, 10 - 11 шықәса зхыҵуа рыбжьара "аџьазлых" иоуит аклуб "Гал" ааӡамҭа Дмитри Шьамаҭаа, иазыҟаҵаҩцәа Демур Џьеџьеиеи Гоча Гогохиеи.

"Зынӡа аԥснынтәи атурнир иалахәын 25-ҩык. Аиааирақәеи аԥыжәаратә ҭыԥқәеи аспортсменцәа рреитинг шьҭырхуеит, иԥышәа дууп. Ари атурнир анаҩс аспортсменцәа егьырҭ ачемпионатқәеи аицлабрақәеи ирылахәхар рылшоит", - иҳәеит Демианов.

Иара иазгәеиҭеит атурнир аҿы аиндаҭлара ӷәӷәа шыҟаз. Аԥснытәи аспортсменцәа рықәгылара цәгьам, аха аус здуулаша рацәоуп иҳәеит иара.
Демианов иҳәеит атурнир ахь ишнаԥхьаз Аԥсни Белоруссиеи рҟынтәи аспортсменцәа.
Атурнир иалахәын Москватәи аобласт, Краснодартәи атәылаҿацә, Даӷьесҭан, Ҟарачы-Черкесски Ҟабарда-Балкариеи ареспубликақәа, Нхыҵ Уаԥстәыла, Чечентәыла, Ставропольстәи атәылаҿацә, Ҟрым рҟынтәи 800-ҩык акаратистцәа.