Аԥсны

Инал Арӡынба Урыстәыла АА аминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Богданов диԥылеит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр усутә ныҟәарала Москваҟа дцеит хәажәкыра 22 азы, иара уа иҟазаараан урыстәылатәи ачынуаа дырԥылеит Афедералтә усбарҭақәа, Афедерациатә хеилак, Аҳәынҭдума рҟынтәи.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Мрагылара ааигәеи Африка атәылақәеи рзы Урыстәыла ахада ихаҭарнак ҷыда, Урыстәыла АА аминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Богданов диԥылеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР Амедиацентр аофициалтә Telegram-канал аҿы.
Аиԥылараан адипломатцәа алацәажәеит атәылақәа реиныршьа Аԥсни Мрагылара ааигәеи реинырра аконтекст ала.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Москваҟа дцеит хәажәкыра 22 азы. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дырԥылеит: Урыстәылеи Белоруссиеи Реидгылатә ҳәынҭқарра Амаӡаныҟәгаҩ хада Дмитри Мезенцев, Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Песков, Урыстәыла ахада иабжьгаҩ Руслан Едельгериев.
Аԥсны
Инал Арӡынба Урыстәыла ахада иабжьгаҩ Руслан Едельгериев диԥылеит
Аиԥыларақәа раан ирылацәажәан: жәларбжьаратәи аинформациатә политика, Евразиатәи аҵакыраҿы аҵарадырреи акультура-гуманитартә усхк аҟны аусеицура арҭбаареи ирызкыз азҵаарақәа