Арадио

Шамԥҳа еиҭалҳәеит аплатформа "Гәыма" аҟны ллекциа зызкыз атәы

Акультура-усуратә платформа "Гәыма" апроектқәа ирыцҵо амҽыша аҩыҟаҵара акультура иазкны имҩаԥысыз ацәыргақәҵа далацәажәеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Инга Шамԥҳа.
Sputnik
Акультура-усуратә платформа "Гәыма" ауснагӡатәқәа ҳәаақәызҵо Шьарида Ҭыжәԥҳа лажәақәа рыла аҭааҩцәа рзы аинтерес зҵоу аусмҩаԥгатәқә рсиа аԥхын ахыркәшараҟынӡа иазгәаҭаны ирымоуп. Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи адгыларала амҽыша хәажәкыра 27 азы Гәыма имҩаԥган аҩыҟаҵара акультура иазку ацәыргақәҵа. Уи иацу акәамаҵамақәеи, иадыԥхьалаз аспециалистцәеи, аҭааҩцәа зызҿлымҳази арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Инга Шамԥҳа.
Аԥсуаа аӡахәа шырааӡоз, уи иаднакылоз амаҭәарқәа дырбан ацәыргақәҵаҟны, убасгьы аӡахәааӡара иадҳәалоу асиужетқәа ахьарбоу ауарҳалқәа. Ацәыргақәҵаҟны аҩыҟаҵареи аӡахәааӡареи ирыдҳәалоу аритуалқәа ирызку алекциа даԥхьеит Шамԥҳа. Убасгьы атәыҩа хәыҷқәа змоу амаҭ ауаҩы изы хәарҭас иамоу, урҭ шахнаршәо атәы еиҭалҳәеит.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.