АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik. Аҟәа, Абазақәа рымҩаҿы акаҭран ақәҵара иалгоит хәажәкыра 29 рзы ҳәа аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.
"Аҟәа, Абазақәа рымҩаҿы, Лакоба имҩа инаркны Аиааира амҩаҟынӡа, акаҭран ақәҵара иалгоит хәажәкыра 29 рзы", - аҳәоит адырраҭара.
Аӡымҩангагақәа, ақәаршыҩцарҭақәа рыԥсахра, акаҭран ақәҵара Абазақәа рымҩаҿы 2020-2022 шықәсазтәи Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.
Аҟәа иалсуа Џьонуа, Гәлиа, Абазақәа рымҩақәа рҿы аиҭашьақәыргыларақәа мҩаԥысуеит 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны 2020 шықәса раахыс. Аремонт ахыркәшара азԥхьагәаҭан 2021 шықәсазы.
Аремонт усурақәа рҳәаа иҭагӡаны иԥсахуп акоммуникациатә ҳақәа, аӡымҩангага, ақәаршыҩцарҭақәа.
Аԥсны акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба иажәақәа рыла, амҩақәа каҭранла рыхҟьараҿы аихәлахара зыхҟьаз абитум аиуреи аӡымҩахгарақәеи роуп.
Абазақәа рымҩа аура – 686 метра иҟоуп. Иара иазоужьын 38 миллион мааҭ.