Аԥсны

Аԥсны ААР Урыстәыла Адипломатиатә академиа аҭалараз адокументқәа рыдкылара рыланаҳәоит

Абитуриентцәа рыдыркылоит "Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа", "Жәларбжьаратәи азин", "Адунеизегьтә економика" ахырхарҭақәа рыла.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik. Аԥсны ААР иаднакылоит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Адипломатиатә академиахь рҭаларазы адокументқәа. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Аиндаҭларақәа актәи рыхәҭа мҩаԥысуеит аиҿцәажәарақәеи аԥышәарақәеи рыла. Адокументқәа рыдыркылоит хәажәкыра 28 - мшаԥы 8 рзы. Аԥышәарақәа мҩаԥгахоит мшаԥы 11-13 рзы.

Актәи ахәҭаан абитуриентцәа аминистррахь инаргароуп абарҭ адокументқәа: иалху ахырхарҭа арбаны арзаҳал, Аԥсны аҩнуҵҟатәии аҳәаанырцәтәии атәылауаҩшәҟәқәа рыхкьыԥхьаа, ашкол аҟынтәи актәи ашықәсбжаз аҵараҵаратә ршаҳаҭга.
Мшаԥы 11 рзы имҩаԥгахоит аиҿцәажәара Аԥсны аҭоурых, Урыстәыла аҭоурых, ҳаамҭазтәи агеополитикатә процессқәа ирызкны; мшаԥы 12 рзы имҩаԥгахоит атәым бызшәазы аԥышәара; мшаԥы 13 рзы - аурыс бызшәазы аԥышәара (адиктант).