Аԥсны

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Sputnik аусушьа ахәшьара аиҭеит

Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik аредакциа даҭааит амедиагәыԥ "Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониан длыцны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Sputnik аусушьа ахәшьара аиҭеит.

"Шәсырҽхәарц сҭахуп, ибзианы аус жәуеит", - иҳәеит Арӡынба, Sputnik Аԥсны аколлектив данырԥылоз.

Инал Арӡынба жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik аредакциа даҭааит амедиагәыԥ "Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониан длыцны хәажәкыра 29 рзы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҩашаҽны дидикылеит амедиагәыԥ "Россия сегодня" аиҳабы Маргарита Симониани арежиссиор, апродиусер, асценарист Тигран Кеосаиани. Уи ашьҭахь Симониан далахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амедиацентр аартра.
Аԥсны
Симониан: Аԥсны даҽа тәылак еиԥшымкәа аӡбахә аларҵәара аҭахуп